Инал Арӡынбеи Михаил Шургалини реиԥылара мҩаԥысит

Инал Арӡынбеи Михаил Шургалини реиԥылара мҩаԥысит
13 July 2022 474

2022 шықәса ԥхынгәы 13 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аҿы имҩаԥысит Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини реиԥылара.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ииҭеит агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа.

Ацҳаражәҳәаҩцәа рнапынҵақәа рынагӡара иалагоит иахьынарышьҭыз атәылаҿы урҭ ашәҟәқәа анрыдыркылалак ашьҭахь.

Арӡынба Шургалин идиныҳәалеит амаҵура ҿыц дахьарҭаз, иагьазгәеиҭеит иара дшеицырдыруа дипломат бзиак иаҳасабала.

Аусбарҭа анапхгаҩы агәыӷра ааирԥшит иара ихаан Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара арӷәӷәареи уи амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәеи рҿы лҵшәа бзиала аусура иацҵахап ҳәа.

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иазгәеиҭеит Аԥсны дахьыҟоу гәыкала дшеигәырӷьо, адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус зуа иколлегацәа иҩызцәа бзиақәа реиԥш дшырзыҟоу. Иҳәеит ахә ҳаракны ишыршьо иахьатәи аамҭазы адунеи аҿы иҟоу аибарххарақәа раан, Аԥсны Урыстәыла ишазыҟоу, иҟанаҵаз азхаҵарақәа, аоперациа ҷыда иахьадгылоу.

Иара убасгьы иҳәеит атәылақәа ирыбжьоу аиқәшаҳаҭрақәа Аԥсны шықәныҟәо.

«Агәыӷра сымоуп наҟ-наҟгьы ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа, ҳастратегиатә партниорра аҿиара ишацаҳҵо, аҩганк реимадарақәа шҳарӷәӷәало", - иҳәеит Шургалин.

Аиԥылара аԥхарра аҵаны имҩаԥыси.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: