Иракли Ҭыжәбеи Одиссеи Бигәааи алахәны онлаин формат ала аилацәажәара мҩаԥысит

Иракли Ҭыжәбеи Одиссеи Бигәааи алахәны онлаин формат ала аилацәажәара мҩаԥысит
23 February 2024 42

2024 шықәса жәабран 22 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аминистр ихаҭыԥуаа Иракли Ҭыжәбеи Одиссеи Бигәааи урыстәылатәи рколлегацәеи алахәны онлаин формат ала аилацәажәара мҩаԥыргеит.

Аилацәажәараҟны ирзааҭгылан Аԥсны ахаҭарнакцәа БРИКС аҿы Урыстәыла ахантәаҩрала имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа рылахәхара азҵаара.

«Ари акрызҵазкуа хҭысуп. БРИКС аҿы Урыстәыла ахантәаҩра ҿҳәараны иамоуп 2024 шықәса ԥхынҷкәын 31.

Ҳара иалшо зегь ҟаҳҵароуп Аԥсны ахаҭарнакцәа БРИКС аҿы Урыстәыла ахантәаҩрала имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа рылахәхара иахьынӡалшо иҳарҭбаарц.

БРИКС иахьазы иналукааша еидгылоуп, аглобалтә ԥыжәара символра азнауеит» ҳәа иҳәеит Инал Арӡынба.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: