Инал Арӡынба ООН амаҵзурақәеи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа дырԥылеит

Инал Арӡынба ООН амаҵзурақәеи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа дырԥылеит
8 April 2022 553

Мшаԥы 8 азы Аԥсны ААР Амедиацентр аҿы имҩаԥысит Инал Арӡынбеи ООН амаҵзурақәеи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәеи русутә еиԥылара. Аиԥылара иалахәын Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы Аԥсны АА аминистр иабжьгаҩ Мартин Ҭаркьыл, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы Адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа.

Аиԥылара иалахәын абарҭ аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа: ахҵәацәа рзы Даниатәи Ахеилак, ООН афатәаалыҵтәии ақыҭанхамҩатәии еиҿкаара, Ворлд Вижн, амлакра иаҿагылоу Аиҿкаара, ХЕЛО Траст, ООН аҳәсақәа, ООН ахәыҷтәы Фонд, Аџьар ҟаԥшь жәларбжьаратәи Аилак, ахҵәацәа русқәа рзы ООН Иреиҳаӡоу акомиссар иусбарҭа, Аԥсны иҟоу ВОЗ ахаҭарнак.

Аиԥылара иатема хаданы иҟан ООН амаҵзурақәеи иеиҳабыратәым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи Аԥсны иахьаҵанакуа русура.

Иеиҳабыратәым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Аԥсны АА аминистр иҿаԥхьа русуразы аҳасабырба нарҭбаа ҟарҵеит, ирҳәеит Аԥсны аҵакыраҿы иазыԥхьагәаҭоу егьырҭ аусурақәа ртәы.

Аминистр «Амлакра иаҿгылоу аиҿкаара» аофис ахада Ервин Блау иирдырит апроект «Совершенствование местного управления с помощью инклюзивных подходов в области развития» шаанкылахо ари апрограмма ахықәкқәаҵәҟьа рзы аинформациа нагӡа иоуаанӡа.

Инал Арӡынба агәҭынчымра ааирԥшит қырҭтәылатәии мраҭашәаратәии амаҵзура ҷыдақәа активла ахаарԥшра иахьалагаз азы.

«Шәусурақәа ақырҭуа программақәа рхықәкқәеи русдҵақәеи ирықәшәо иҟазар, ҳара урҭ амилаҭ ашәарҭадара ҵыршәаауеит ҳәа иаҳшьоит. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит арҭ апрограммақәа ирхықәкыҵәҟьоу ҳҵакырадгьыл ампыҵахалареи ақырҭуа мчра ашьақәыргылареи шракәу. Аха ақырҭуа бираҟ ара ҟалашьа амаӡам» ҳәа иҳәеит аминистр.

Инал Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҿкаарақәа русура агуманитартә ҟазшьа рымазар, ишгуманитартә ҟазшьоу инхароуп, аполитикатә ҟазшьахьы имиасыроуп ҳәа.

Аԥсны ААР ахада иҳәеит ақырҭуа маҵзура ҷыдақәа русура ззырхоу анырратә агентура аԥҵароуп, аиҳаракгьы аҿар рыгәҭа.

«Исҳәар сҭахуп ҳҿар шҟәышу, адырра шрымоу, рҭоурыхгьы бзианы ишырдыруа» ҳәа иҳәеит иара.

Аиԥылара хыркәшо Инал Арӡынба ҭабуп ҳәа реиҳәеит аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, агәрагара ааирԥшит асеиԥш иаартны аицәажәарақәа хра рыманы ишыҟоу.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: