Инар Ладариа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит

Инар Ладариа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит
5 February 2024 124

2024 шықәса жәабран 2 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчы змоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хосе Арруе инаԥхьарала даҭааит ареспублика Ацҳаражәҳәарҭа Боливариантәи Ареволюциа 25 шықәса ахыҵра амш азы.

Ладариа иколлега дидныҳәало иазгәеиҭеит акоманданте Уго Чавес аԥсны-венесуелатә еизыҟазаашьақәа рҟны ироль ду, атәыла ажәлари анапхгареи ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит.

Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәеи аҳәаанырцә-тәылақәа рдипломатцәеи, асандинисттә фронт ахаҭарнакцәа, амилаҭтә АИХқәа рхаҭарнакцәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: