Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак аинформациа ааишьҭит

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак аинформациа ааишьҭит
25 January 2020 923
Иҟоу аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла 25-ҩык ҭахеит, еиуеиԥшым аахақәа рымоуп зықьҩык инарзынаԥшуа ажьырныҳәа 24 рзы апровинциқәа Манисеи Елазыги рҟны иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны.

Адгьыл аҵысра Рихтер ишкалала 6,8 балл иҟан. Апровинциқәа Манисеи Елазыги рҟны 800000 инарзынаԥшуа ауаа нхоит.

Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра адыррақәа рыла  иҭахази ахәрақәа змоуи рыгәҭа аԥсуа-адыга диаспора иаҵанакуа аӡәгьы дыҟам.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: