Иракли Ҭыжәба Аԥсны иҟоу Аџьар ҟаԥшь Амиссиа ахаҭарнакцәа идикылеит

Иракли Ҭыжәба   Аԥсны иҟоу Аџьар ҟаԥшь Амиссиа  ахаҭарнакцәа идикылеит
22 May 2024 133

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ин.н., аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба Аԥсны иҟоу Аџьар ҟаԥшь Амиссиа ахаҭарнакцәа идикылеит лаҵара 22 рзы.

Аиԥылара алахәылацәа алацәажәеит 1992-1993 шықәсазтәи ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ахаҿқәа рыԥшааразы Акоординациатә механизм аусура. Ари аусура адгылара анаҭоит Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь аилак инеитралтәу гуманитартә еиҿкаарак аҳасаб ала.

Аԥсны ЖәАҞА (МККК) Амиссиа аус ауеит 1992 шықәса раахыс.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: