Валери Бганба Ԥсоу аҳәа атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ахрыжьуам

Валери Бганба Ԥсоу аҳәа атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи  ахрыжьуам
7 April 2020 406

Адокумент атекст аҟны иҳәоуп:

«1.Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Идҵа «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аҭагылазаашьа ҷыда алагаларазы» (2020ш хәажәкыра 27 №132-рп) ап. 8 аредакциа ҿыц ала иаԥхьатәуп:

«8. 2020 шықәса мшаԥы 20 аҟынӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь ралалара аанкылоуп атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы акредитациа змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа русзуҩцәеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аррамаҵзурауааи, Аԥсны Аҳәынҭқаррахь амаҵзуратә командировка иаауеи, жәларбжьаратәи аидара мҩанызго автотранспорт аԥсҟы зкуи рыда».

2.Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапы ианҵазааит Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабырие Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыреи рыбжьара аԥсуа-аурыс ҳәаҟны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рзы Аиқәшаҳаҭра (2010ш. цәыббра 17) ишьақәнаргыло аԥҟарра инақәыршәаны урыстәылатәи аган абри Адҵа апункт 1 аҟны иарбоу аԥкрақәа рзы адырра анаҭарц».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: