Ажәабжь ҿыцқәа

26 July 2024 29
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула иаднакылеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа раԥхьатәи ахантәаҩы Феридун (Аксои) Аҟәысба иԥсҭазаара далҵит ҳәа иааҩыз ашәаџь.
24 July 2024 38 Анотақәа
Адныҳәалараҿы иаҳәоит: Аԥсуа жәлар сахьаркыратә ажәала иалкааны ҳӡырызгахьо, апоезиатә ажәа рԥха азҟаза ду, иахьа, акырӡа зҵазкуа Шәиира амш аҽны 75 шықәса шәхыҵра гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н., аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа ԥхынгәы 24 азы идикылеит Ареспублика Башкартастан уаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчзмоу ахаҭарнакс иҟаз Вадим Ақаҩба иԥшәмаԥҳәыс, Валентина Царгәыш, Ареспублика Адыгеиа уаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчзмоу ахаҭарнакс иҟаз Рушьни Быҭәба иԥшәмаԥҳәыс Мзиана Агәхааи
Ԥхынгәы 21 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа идикылеит Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоеви Венесуелеи Никарагуеи иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Нарим Козаеви.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡеи алкааҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа далахәын Ареспублика Никарагуа Асандинисттә револиуциа аиааира 45 шықәса ахыҵреи Беларуссиа анемец-фашистцәа рҟнытәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи 80 шықәса аҵреи ирызкыз аныҳәатә концерт.
16 July 2024 58
Иахьа лымшира азгәалҭоит аорден «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара занашьоу, 1 акласс иаҵанакуа азинмчнагӡа змоу анашьҭҩы, аминистрра аусеилыргара Адепартамент аиҳабы Мерцхәылаа Лариса Шалуа-иԥҳа.
2024 шықәса ԥхынгәы 10 азы азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела аполитикатә зҵаарақәа иахьрылацәажәоз ауснагӡатә далахәын.
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али ихы алаирхәит урыстәыла-шьамтәылатәи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара 80 шықәса рхыҵра иазкны имҩаԥгаз Сиднеитәи аберҭыԥ ашкол аоркестр аконцертныҳәа.
Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Хосе Биоморге инаԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али адокументалтә фильм «Карабобо азы аибашьра» дырбара далахәын.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив агәалсра ду аанарԥшуеит иналукааша алитератор, афилолог, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Фадиль Арҩҭаа иԥсҭазаара иалҵразы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: