Кан Ҭаниа усутә ҭаарыла Италиа дыҟоуп

Кан Ҭаниа усутә ҭаарыла Италиа дыҟоуп
26 November 2017 903
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа усутә ҭаарыла Италиа дыҟан. Абри иныҟәараҟны иара дымҩаԥигон Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵақәа рынагӡаразы Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани.

Кан Ҭаниа далахәын ақалақь Капурсо абазилика Санта Мариа Дель Поццо ауахәамаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра иазкны имҩаԥгаз амесса.

Амесса хыркәшо Филиппо Д"Алессандро Кан Ҭаниа инапы иаиркит Дель Поццо Мадонна лсахьа зну аусумҭа, Аҟәатәи Римтәи-Акатоликатә уахәама аҭааҩцәа рзы. Кан Ҭаниа иакәзар, абазилика ҳамҭаны еиҭеит Симон Кананит исахьанҵа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: