Аколлектив аминистр идныҳәалеит

Аколлектив аминистр идныҳәалеит
15 March 2021 811

Ҳаҭыр зқәу Даур Вадим-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит шәымш ира.

Шәара напхгара ашәҭоит иналукааша аусбарҭа. Шәнапхгарала шәнапаҵаҟа иҟоу аколлектив аӡәк иеиԥш аус еицыруеит. Аҳаҭыр ду змоу напхгаҩык иҳасаб ала шәара ҳколлектив аизҳараҿ, аусзуҩцәа дара-дара рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылараҿ шәлагала дууп.

Шәмаҵзуратә уалԥшьа анагӡара азыхиара, еиҳа иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан иаамҭаны аҭакҟаҵара, аҭакзыԥхықәу аӡбра адкылара шәара ишәҟазшьа ҷыдоуп. Уи иалнаршоит Аԥснеиԥш анҭыҵгьы шәыхьӡ-шәыԥша, шәыҳаҭыр ашьҭыхра.

Ҷыдала иазгәаҭатәуп аус аҟны адәныҟаполитикатә ҟазшьа змоу, иуадаҩу азҵаарақәа ианаамҭо аҭак рыҭара шалшо аазырԥшуа аминистрра аусура аҿыцхаҿра аҭараз иҟашәҵо аҽазышәарақәа.

Абри амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Даур Вадим-иԥа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара зҩыда, аԥсуа шықәсырацәа, аманшәалара, шәусураҿы ақәҿиарақәа, шәыгәҭакқәа рынаӡара!

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: