Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив аминистр имшира идырныҳәалеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив аминистр имшира идырныҳәалеит
26 July 2023 169

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа!

Шәира амш аҽны ишәыдышәкыл гәыкалатәи адныҳәаларақәа.

Шәыпрофессионализм ҳарак, ахаҭабзиара змоу алҵшәа ахадара аҭара, аԥеиԥш абара, аҭакԥхықәра аҵагылара аколлектив зегьы рыбжьара ҳаҭыр-пату ду шәықәнаҵоит.


Иахьа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра активла иҿиоу усбарҭоуп. Аԥсны адәныҟаполитикатә еимадара арҭбааразы аусурақәа мҩаԥнагоит. Ари шәара шәнапхгаралоуп ишымҩаԥысуа.

Шәара активла шәхы аашәырԥшуеит аҿартә политикаҿы, еиҿышәкаауеит хра змоу асоциалтә проектқәа аҟыб аҩ змоу аҿар адгылара рыҭаразы.

Ишәзеиӷьаҳшьоит ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи шәыԥсҭазааратә мҩаҟны Аԥсадгьыл аизҳазыӷьара ахьӡала».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: