Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа
10 February 2023 235

Иахьа агазеҭ «Ведомости» асаит аҿы ицәырҵит аинформациа Аԥсны анапхгареи Урыстәыла акриптоиндустриеи аблокчеини рассоциациа (РАКИБ) анапхгареи Аԥсны аҵакыраҿы акриптовалиутатә хаб аартразы аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит ҳәа.

Убри аан аинформациа ахыҵхырҭақәа иреиуаны аӡбахә ҳәоуп «афорум Global Abkhazia ахаҭарнакра».

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра мап ацәнакуеит иарбанызаалак еилацәажәарак абри аганахь ала амҩаԥгара ишалахәу.

Уи адагьы афорум «Global Abkhazia» макьана ишьаҭаркым, ус анакәха ахаҭарнакцәа рыӡбахәгьы ҳәашьа амаӡам.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: