Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа
15 September 2023 157

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аҟәа араион активи 13.09.2023 шықәсазы реиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо аҽазышәара уын иқәгылара аҽа ҵаҵӷәык аҭазарц, аиҳаракгьы аинформациа анонимтә хыҵхырҭақәа рҟынтәи, аконтекс иалжәаан иган иқәгылара ахәҭақәа.

Иарбоу ахымҩаԥгашьа ауаажәларра рҿы аибарххара арҵысуеит.

Аминистр иқәгылара ззырхаз атәылаз алахьынҵатә ҵакы змоу азҵаарақәа ныҭкааны рылацәажәара акәын.

Инал Арӡынба араионқәа рҟны иқәгыларақәа раан Аԥсны акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа ашәарҭара атәы дирдыруан изыӡырыҩцәа, хаҭала Аԥсни агәыларатә тәылақәеи реизыҟазаашьақәа дырзааҭгылон.

Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭон Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверинитет арӷәӷәаразы ишхымԥадатәиу ауаажәларра-политикатә мчрақәа реидгылара.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: