Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылаҟа адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылаҟа адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит
20 May 2019 873

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Зартәи арыцҳара 27 шықәса ахыҵра амш инадҳәаланы.

Адышшыларатә шәҟәаҿы иануп:

«Ари арыцҳара ду дарбанызаалак уаҩԥсык игәы инамырхькәа дыннамыжьит. Ажәлар ргәалашәара ахааназгьы иузаныхуам ақырҭуа фашизм ацәгьоура, аҭынч уааԥсыра рнырҵәара. Зартәи арыцҳара аханазгьы ҳагәқәа рҿы аҭыԥ шамоу иаанхоит.

Абри амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ргәырҩа рыцеиҩшо иргәаладыршәоит изаамҭанымкәа зыдунеи зыԥсахыз ауаа» ҳәа.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: