Михаил Шургалин Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидныҳәалеит

Михаил Шургалин Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидныҳәалеит
9 September 2023 275

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Аԥсни адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵра инамданы дидныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәы атекст, ахәҭакахьала иаҳәоит:

«Арҭ ашықәсқәа рзы ҳтәылақәа рыбжьара аусеицура аидгылареи астратегиатә партниорреи рҟазшьа аархәеит. Урыстәылатәи Афедерациа аиашьаратә Республика Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара ашьақәыргылара, асоциал-економикатә, акультура-гуманитартә хырхарҭала, иара убас жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәареи арегионалтә ҭышәынтәалара ашьақыргылареи рзы ганрацәалатәи ацхыраара аҭара иацнаҵалоит». Михаил Шургалин Инал Арӡынбеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлективи инарыгӡо адипломатиатә усура аҿы аихьӡара ҿыцқәеи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: