Инал Арӡынба Шьамтәыла ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Инал Арӡынба Шьамтәыла ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
16 February 2023 99

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәыла ажәлар рахь Аԥсны ажәлар рыхьӡала адышшылара ҟаиҵеит.

"Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи!

Гәалсра дула иҳадаҳкылеит Шьамтәыла иҟалаз адгьылҵысра ахҟьаԥҟьақәа рзы ажәабжь гәыҿкаага. Иаабоит ишырацәоу аԥсыҭбарақәа, аахақәа. Иҟоу ҳазҿлымҳауп, ҳаиашьаратә жәлары ҳашрыцхрааша ҳазхәыцуеит.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иколлега Башар Асад ҭелла даниҿцәажәа ашьҭахь анапынҵа ҟаиҵеит агуманитартә цхыраара аиҿкаарази шьамтәылатәи ахәыҷқәа Аԥсныҟа ареабилитациазы раагара аиҿкаарази.

Арыцҳара раԥхьатәи амшқәа инадыркны ареспублика ауааԥсыра, ауаажәларратә еиҿкаарақәа ацхыраара аизгара иалагеит. Дамаск иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа арыцҳара иақәшәаз ацхырараз ишрыдгыло атәы азгәанаҭеит.

Шьамтәыла инхо аԥсуа диаспора Аԥсныҟа рнырхара алыршара ҳазхәыцуеит. Аԥснытәи ҭаацәарақәак ирҳәеит ишазыхио иеҭымхаз ахәыҷқәа рыдкылара. Ари азы азакәантә шьаҭа аус адулахоит.

Аԥсны аҵак ду анаҭоит аиашьаратә республикеи иареи реизыҟазаашьа, иазыхиоуп агуманитартәи акультуратәи еимадара, ахәаахәҭра-економикатә усеицура.

Ҳажәларқәа реизыҟазаашьақәа аҭоурых ду рымоуп. 19-тәи ашәышықәсазы Шьамтәыла ԥсадгьылны ирзыҟалеит зықьҩыла аԥсуаа. Урҭ рҟынтәи ирацәаҩуп Шьамтәылеиԥш Аԥсынгьы еицырдыруа ауаа: инрал Мамдух Абаза, аинрал Уалид Абаза, аҳақьым Аҳмад Кәыџба, Шьамтәыла жәлар Рхеилак алахәыла Џьансет Казанба.

Аԥсны Шьамтәылеи иареи рыбжьара аконсультациақәа рымҩаԥгара, аинырра иазыхиоуп.

Асеиԥштәи аҭагылазаашьаан Мраҭашәара атәылақәа иҩбоу астандартқәа рполитика шымҩаԥырго аабоит. Аполитикатә мзызқәа ирхырҟьаны Шьамтәыла ацхраара рҭахым. Асеиԥш иҟоу арыцҳара аполитика аҳәаақәа ирҭысуазароуп.

Арыцҳара аамҭазы аидгылара аҭахуп. Ҳаҭыр зқәу Шьамтәыла ауаажәлар – ҳаҭыри-патуи шәықәаҳҵоит, бзиа шәаабоит. Ишәымазааит агәыӷәӷәара».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: