Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит

Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит
9 May 2022 509

Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Сергеи Лаврови Инал Арӡынбеи адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира 77-шықәса ахыҵра амш инадҳәаланы.

Сергеи Лавров иҟаиҵаз адныҳәалараҿ иҳәоуп:

«Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит жәҩеибыҭала афашизм иаҿагылаз ҳабацәеи ҳабдуцәеи имыӡӡауа рфырхаҵара. Агәра ганы сыҟоуп иацтәи ҳаидгылара аԥсны-урыстәылатә еизыҟазаашьа уаҵәтәи амш азы иӷәӷәоу астратегиатә ҟазшьа змоу шьаҭаны ишыҟало азы. Аҳәара ҟасҵоит Аԥсны аибашьра аветеранцәеи атыл аусуҩцәеи ҭабуп ҳәа сызрашәҳәарц, ирзеиӷьашәшьарц агәыбзиара зҩыдеи ашықәснҵыра дуи».

Инал Арӡынба иҟаиҵаз адныҳәалараҿ иҳәоуп:

«Аиааира амш анацизм иаиааиз ауаа зегь рыԥсҭазаараҿ аԥыжәаратә ҭыԥ ннакылоит, афырхаҵара, агәымшәара, агәашьамхҵары ирҿырԥшыганы иҟоуп. Ҳара зегь иеицаҳзеиԥшу уалԥшьаны иҟоуп усҟантәи ахҭысқәа аблаҷыц аиԥш рыхьчара, еиҵагыло абиԥарақәа рызнагара.

Аибашьра ауадаҩрақәа ирхысыз, уи амҩа ианысыз дарбанызаалак иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Урҭ рфырхаҵара иахьа ҳара ҳзы имҩақәҵагоуп.

Абри амшныҳәаз, ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа, азин сышәҭ хаҭаал шәареи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рколлективи ишәзеиӷьасшьарц аҭынчра, аманшәалара, ақәҿиарақәа аҭакԥхықәра ду змоу шәусураҿы».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: