Инал Арӡынба В. Ҳарабуа иҭаацәа дырԥылеит

Инал Арӡынба  В. Ҳарабуа иҭаацәа дырԥылеит
12 March 2024 62

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны 2024 шықәса хәажәкыра 12 азы аминистр Инал Арӡынба дырԥылеит Арратә операциа ҷыдаҿы иҭахаз, аинтернационалтә бригада «Патнашка» алахәыла Владимир Ҳарабуа иҭаацәа.

В. Ҳарабуа иԥшәмаԥҳәыс Зита Кәартааи, иԥҳацәа Софиеи Аннеи дрыҿцәажәо аминистр иҳәеит: «Владимир Ҳарабуа афырхаҵареи агәымшәареи ааирԥшуан, ахааназ ҳгәаҵаҿы дыҟазаауеит. Арратә операциа ҷыда раԥхьа иргыланы аиашараз ақәԥара иазкуп. Арахь иаҵанакуеит ҳҳәынҭқарра ақәхра зҭаху ирҿагылан ақәԥарагьы».

Аминистр иҳәеит Софиа Ҳарабуа Урыстәыла иреиӷьу аҵараиурҭақәа руак лҭалараҿы ацхыраара шлырҭо, Анна Ҳарабуа илыдиныҳәалеит лымшира. Аҳамҭақәа лиҭеит иреиӷьу азеиӷьашьарақәа лзыҟаҵо.

Инал Арӡынба иҳәеит: «Иарбан зҵааразаалак азы шәҳадҵаалар алшоит» ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: