Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Шьамтәыла Жәлар Рхеилак аделегациа ахаҭарнакцәеи еиҧылеит

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Шьамтәыла Жәлар Рхеилак аделегациа ахаҭарнакцәеи еиҧылеит
3 October 2017 785
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Шьамтәыла Жәлар Рхеилак аделегациа дырҧылеит. Аиҧылара аҿы аҩганктәи аусеицура азы аперспективақәа ирылацәажәеит.

Аделегациа Аԥсныҟа раара адҳәалан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҟны аиааира 24 шықәса ахыҵра амшныҳәа амҩаԥгара. Аделегациа иалахәын: адепутатцәа Исмаил Алобеид Альхаджу, Мохамед Иахиа Каадан, Тони Хана, Мохамед Тарек Даабул, Хамза Шахин, Маха Шпиру, Санаа Або Заид, ателеканал SAMAA акорреспондент Мохамед Ферас Аль-Мардини.

Аԥсуа ган ахьӡала аиԥылара иалахәын: Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара ааигәеи, Африкеи Рдепартамент аиҳабы Енвер Алшәындба.

Аиҧылара аартуа, Даур Ақаҩба Шьамтәыла иқәынхо ажәлар жәларбжьаратәи атерроризм хацәнымырха иаҿагылоуп ҳәа иазгәеиҭеит. “Ҳара даара гәахәарыла иҳадаҳкылоит аҵыхәтәантәи аамтазы Шьамтәылеи Аҧсни реизыҟазаашьақәа хра злоу аҿиара аманы иахьыҟоу. Уи еиуеиҧшым ахылаҧшырҭақәа рыбжьара аҩганктәи аусеицурала иаарҧшхеит. Ааигәа ҳара ҳахь иааны иҟан зхы иақәиҭу аиқәҧара азы Шьамтәыла еизгоу акоманда. Уи араҟа раҧхьаӡатәи жәларбжьаратәи аицлабра мҩаҧнагеит, иара убас,  ажурналистцәагьы ҳҭаахьеит, урҭ Аҧсны иазкыз арепортаж ҟарҵеит. Иахьа Шьамтәыла ишьақәгыланы иҟоу аҭагылазаашьа ҳауаажәлар рыҩныҵҟа акыр агәыҭынчымра рызцәырнагоит, ари атемала аекспертцәа изныкымкәа астол гьежьқәа мҩаҧыргахьеит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, ҳаизыҟазаашьақәа аринахысгьы аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿиара шаиуо”, – ҳәа иҳәеит Даур Ақаҩба.
Ахәҭакахьала, Шьамтәылатәи аделегациа ахада Санаа Або Заид абас лҳәеит: “Аҧсуа иахьа Шьамтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа рхыргахьеит, иахьа ҳара ҳажәлар зҭагылоу агәаҟра атәы шьахәлаҵәҟьа ирдыруеит. Ҳара иаабеит Аҧсны ажәлар иахьа Шьамтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа ртәы ибзианы ишырдыруа. Шәара шәыжәлари ҳажәлари реизааигәареи реиҩызареи аҩаӡара акырӡа иҳаракуп. Ҳтәылақәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара зеиҕьаҟам ала ишьаҭаркуп”.
Даур Ақаҩба инаҵшьны иазгәеиҭеит: Ҳара гәыҕра дула Шьамтәыла аҧхьаҟатәи аҧеиҧш ҳахәаҧшуеит. Иахьа шәыҧсадгьыл аҿы имҩаҧысуа ахҭыс бааҧсқәа, – ари ажәлар ргеноцид ауп. Еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа рҕьырак иахьа Шьамтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа атәыла аҩныҵҟатәи ауаажәларратә еиҿагылара аҳасабала аарҧшра рҽазыршәоит. Аха зегьы рзы еилкаауп,-уи шиашам. Ҳара иаадыруеит шьамтәылатәи ажәлар жәларбжьаратәи атерроризм аҿагылара аҿы раҧхьаӡатәи ааха ахахьы ишагаз. Рыцҳарас иҟалаз, Мрагылара атәылақәа Урыстәылатәи Афедерациа имҩаҧнаго ауснагӡатәқәа активла иаҧырхагахоит, урҭ жәларбжьаратәи арена аҿы аиашьаратә Шьамтәыла ажәлар адгылара рызҭаз Урыстәыла иаҿагылоит. Ҳара Шьамтәыла аҭынчра шыҟало агәра ҳгоит. Аҭынч ҧсҭазаареи аизҳазыҕьареи хымҧада аҳра руа иҟалоит”.
Аминистр ҩаҧхьа аҩганктәи аиқәшаҳаҭрақәа дрылацәажәеит: “Ҳара Шьамтәыла ҳаҟазаара иалагӡаны Аҧсни Шьамтәылеи рекономика аминистрцәа реиҧылара мҩаҧган, усҟан аусеицуразы амҩақәа ралхра азҧхьагәаҭан. Уажәазы иарбоу аусура аганахьала ажәалагалақәа алкаауп. Сгәы иаанагоит, аамҭа кьаҿ иалагӡаны аекспертцәа рыбжьара аҩганк ирзыфеидоу алшарақәа рыҧшаара азы аиҧылара мҩаҧгахоит ҳәа”.

Аиԥылара хыркәшо асасцәеи аԥшәмацәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: