Шьамтәыла Аминистрцәа рхеилак ахантәаҩы Хусеин Арнус иԥылара

Шьамтәыла Аминистрцәа рхеилак ахантәаҩы Хусеин Арнус иԥылара
23 November 2020 723

Абҵара 23 рзы Дамаск ақалақь, Шьамтәыла Аминистрцәа рхеилак ахыбраҿы имҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Хусеин Арнуси реиԥылара.

Аиԥылараан ирылацәажәан Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усхк аҟны русеицура азҵаарақәа, ҷыдала аԥсны-шьамтәылатә инвистициатә проектқәа рынагӡара алыршара.

Шьамтәыла аиҳабыра рхада иажәақәа рыла адунеи аҿы иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ иахьмырԥшкәа атәылақәа аҩба рыбжьара ганрацәала аусеицура ырҭбаалатәуп.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: