Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иеиҳабыратәым Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Амлакра аҿагылараз» апроект анаркит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иеиҳабыратәым Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Амлакра аҿагылараз» апроект анаркит
13 May 2022 380

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи иаадырԥшит иеиҳабыратәым Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Амлакра аҿагылараз» апроект «Аҿиара аусхк аҟны аинклиузивтә знеишьақәа рыла аҭыԥантәи ахаланапхгара аиӷьтәра» адыррақәеи уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргоз ауснагӡатәқәеи реиқәымшәара.

Асертификат аиуразы аусбарҭа иазынашьҭыз апроект анкетаҿ иахәҭаны иҟаз аинформациа нагӡаны иарбамызт. Анкета анашьҭра аԥҟаррақәа реилагара аминистрра иҟаҵәҟьоу армаӡара иазырхоуп ҳәа иахәаԥшуеит.

Арахь иаҵанакуан аԥснытәии қырҭтәылатәии аҿар ахԥатә тәылақәа - Молдавиа, Австриа, Ермантәыла уҳәа рҵакырақәа рҿы онлаини офлаини атренингқәеи асеминарқәеи реицымҩаԥгара амҩала акультурабжьаратә диалогқәа рылагалараз иазыԥхьагәазҭоз апроект ахәҭа.

Асеиԥш иҟоу акультурабжьаратә диалогқәа рылагалараз аԥшьгамҭақәа аполитикатә ҟазшьа рымоуп, Қырҭтәыла аиҳабыра рхықәкқәа, Аԥсны аганахь ала ирымоу аофициалтә программақәа ирықәшәоит. Абри инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаара «Амлакра аҿагылараз» апрограммақәа руак аусура ннакыларц аӡбра аднакылеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

2022 шықәса мшаԥы 8 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Аԥсны аҵакыраҿы аус зуа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рԥылараан «Амлакра аҿагылараз» Аофис ахада глава Ервин Блау ишьақәирӷәӷәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иамаз аинформациа – ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Қырҭтәылеи рҿар асеминарқәеи атренингқәеи рҿы онлаини офлаини аформатқәа рыла ишеиныруа.

Аинформациа ҭҵааны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аҳәаанырцәтә иеиҳабыратәым жәларбжьаратә еиҿкаарақәа рыпрограммақәа рынагӡараз аԥҟара апункт 4 ап.ҵ.4.5. напхгагас иҟаҵаны ари апроект аҿы иарбоу аԥшьгамҭақәеи ауснагӡатәқәеи ралмыршараз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаднакылеит аӡбра апроект ареспубликаҿы аусура аанкылазарц.

Абри аганахь ала ашәҟәы изынашьҭын «Амлакра аҿагылараз» Аофис ахада глава Ервин Блау.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ареспубликаҿ иҟоу НПО аартра апринципқәа аадырԥшларц ааԥхьара рзыҟарҵеит апроектқәа рынагӡараан, агуманитартә знеишьақәагьы рҳәаа иҭымҵларц азгәарҭеит

.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: