Аԥсны ахада инапынҵала аԥсуа делегациа Белоруссиаҟа инеит

Аԥсны ахада инапынҵала аԥсуа делегациа Белоруссиаҟа инеит
27 October 2023 103

Аԥсны ахада инапынҵала аԥсуа делегациа русбарҭабжьаратә консультациақәа рымҩаԥгаразы Белоруссиаҟа инеит жьҭаара 27 рзы.

Аԥсуа делегациеи Аминистрцәа Рхеилак Аппарат ахантәаҩы Константин Бураки еиԥылеит.

Аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аԥсны аганахьала аконсультациақәа рхы аладырхәуеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр; иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба.

Аԥснытәи аделегациа алахәылацәа Ареспублика Белорусь апрофильтә хылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәа ирԥылоит. Аиԥыларақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аусхкытә аҩганктәи апроектқәа рылацәажәара азԥхьагәаҭоуп.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: