Аԥсны Аконституциа – 25 шықәса

Аԥсны Аконституциа – 25 шықәса
26 November 2019 899
Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азин иасубиекту, исуверентәу, демократиатә, зинтә ҳәынҭқарроуп ҳәа рылазнаҳәеит 1994 шықәсазы ирыдыркылаз Аконстиуциа.
1999 абҵарамза 12 рзы Апарламент иаднакылеит Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы акт. Абри адокумент адкыларала ихыркәшахеит асуверентә ҳәынҭқарратә статус азинтә харҭәаара апроцесс.
Атәыла аҿиара астратегиатә хырхарҭа ҳәаақәызҵо, амилаҭтә закәанԥҵареи ҳаамҭазтәи азинтә системеи раԥҵарҿы зҽызымԥсахуа,   Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ауп.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 25-шықәсатәи аҭоурых ала ишьақәнарҕәҕәеит, иарҵабыргит уи аҧсҭазааралшара, алҵшәара. Аконституциа ҵәатәы шьаҟаны иазыҟалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аҿиара. Аԥсны егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи иареи  реизыҟазаашьа рӷәӷәо иарҿиоит жәларбжьаратәи аиныррақәа.
Аконституциа рыдыркылеижьҭеи 25 шықәса шыҵуагьы иахьатәи аамҭазгьы аҳәынҭқарра аԥсҭазааразы ориентирны иазыҟоуп.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: