Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломатиатә академиахь адокументқәа рыдкылара

Урыстәыла  Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломатиатә академиахь адокументқәа рыдкылара
28 March 2022 406

Аԥсны ААР иаднакылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломатиатә академиахь рҭаларазы адокументқәа рыдкылара.

Аквота ала Академиахь аҳәаанырцә тәылауаа рыдкылара мҩаԥысуеит Урыстәыла ахада Иусԥҟа №5 (04.01.2010ш.) инақәыршәаны.

Аԥышәарақәа раан ироуз абаллқәа ирхьырԥшны еилкаахоит Адипломатиатә Академиа аҭалара зылшаз.

Актәи аетап аан абитуриентцәа аминистррахь инаргароуп абарҭ адокументқәа:

1) иалху ахырхарҭа арбаны арзаҳал («жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи жәларбжьаратәи азини», «адунеизегьтә економика» www.dipacademy.ru);
2) Аԥсны аҩныҵҟатәии аҳәаанырцәтәии тәылауаҩшәҟәқәа рыхкьыԥхьаа;
3) ашкол аҟынтәи актәи ашықәсбжаз аҵараҵаратә ршаҳаҭга.

Аиндаҭларақәа актәи ретап мҩаԥысуеит аиҿцәажәарақәеи аԥышәарақәеи рыла.

Мшаԥы 11 – аиҿцәажәара (Аԥсны аҭоурых, Урыстәыла аҭоурых, ҳаамҭазтәи агеополитикатә процессқәа);

Мшаԥы 12 – аԥышәара (атәымбызшәа (ҩыралеи ҿырҳәалеи));

Мшаԥы 13 – аԥышәара (аурыс бызшәа (адиктант)).

Адокументқәа рынашьҭра аамҭа:

Хәажәкыра 29 – мшаԥы 8. 2022 шықәса.

Азҵаарақәа рыҭареи аиныррази аҽҭаҩра алшоит: аҭел.: +7 840 229 75 86

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: