Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩра азҵаарақәа рзы Урыстәыла ахада ихаҭарнак далхуп

Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩра азҵаарақәа рзы Урыстәыла ахада ихаҭарнак далхуп
31 May 2023 126

Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩра азҵаарақәа рзы ихаҭарнакс дҟаиҵеит Урыстәыла АА рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин.

Ҩ-тәылауаҩрак амазааразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа 2022 шықәса цәыббра 27 азы. Жәлар Реизара ҩ-тәылауаҩрак аиуразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит ԥхынҷкәынмза 30, 2022 шықәсазы.

"Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Галузин Михаил Иури-иԥа УА Афедералтә еизара апалатақәа рҿы Урыстәыла ахада ихаҭарнакс дыҟазааит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара 2022 шықәса цәыббра 27 азы Москва анапы зҵаҩыз ҩ-тәылауаҩрак рзы аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азҵаарақәа рзы", - аҳәоит адокумент аҿы.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны нанҳәа 26, 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: