Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Белоруссиа Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Белоруссиа Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысит
21 February 2023 116

Аслан Бжьаниа усуратә визитла Белоруссиа даҭааит жәабранмза 20, ашәахьа. Аҩаша, жәабранмза 21 рзы Минск ақалақь, Ахьыԥшымра Ахан аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Белоруссиа Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара далахәын Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Аиҿцәажәарақәа рыҟны ирзааҭгылан ҩ-ганктәи аусуеицура, аекономикатәи ааглыхратәи еимадарақәа ирыдҳәалоу азҵаатәқәа рырҿиара. Уи аԥхьа, иусуратә ныҟәарақәа ирылагӡаны Аслан Бжьаниа даҭааит Минсктәи атрактортә зауад, Ахолдинг "Горизонт", атехнологиа ҳаракқәа рпарк.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ареспублика дшаҭааз 2022 шықәса цәыббрамза 28 рзы Алеқсандр Лукашенко Аԥсны даныҟаз иҟаиҵаз ааԥхьарала.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аиҿцәажәара алҵшәақәа рзы игәаанагара иҳәеит ажурналистцәа данрацәажәоз. «Шәара ижәдыруеит, Аԥсны ԥсшьарҭа тәыланы ишыҟоу, аҳауа шызҩыдоу, Белоруссиантәи еснагь асасцәа ҳреигәырӷьоит. Сара снапы зҵазҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны Белоруссиа атәылауаа Аԥсны визада рыҟазаара аҿҳәара иацҵахоит. Иаԥҵоуп Ахәаахәҭратә ҩны, уи аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭагылазаашьа ыҟоуп Аԥсны аалыҵ Белоруссиаҟа аашьҭразы. Иара убас, ҳаиқәшаҳатхеит Аԥснынтә аҿар рԥышәа аизырҳаразы Белоруссиа атехнологиа ҳаракқәа рпарк аҭааразы. Аԥсны ақыҭанхамҩа аалыҵ анаҩсгьы, ааглыхратә аалыҵ аанахәо иҟалоит, ҷыдала, белоруссиатәи ааглыхраҟны аԥхьагылара змоу – азауад «Горизонт» аалыҵ» , - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, Белоруссиа Ареспубликеи ҳареи аимадарақәа рышьақәыргылара аҵак ду шамоу. «Ҳара мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа ирыбзоураны амацәаз ҳҭакын, Урыстәыла амчала, иҟоу амҩақәа раатра апроцесс хацыркхеит. Ҳарҭ иаҳҭахуп ҳаизыҟазаашьақәа агәылеимабзиаратә ҟазшьа рымазарц, ааглыхратә еимадара хшыҩзышьҭра аҭаны».

«Ҳаизыҟазаашьақәа аҿиара роуроуп. Аԥсуа жәлар белорусиа ажәлар ҳаҭыр рықәырҵоит. Белоруссиа акәзар, уи атәы аҳәара аҭахым. Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа рфундамент злашьақәҳаргылаша ҳамоуп. Аԥсны иҟоуп атауарқәа ҳара ҳзы аинтерес зҵоу. Убасҵәҟьа Аԥсны азы ихәарҭоу Белорусиатәи атауарқәагьы ыҟоуп. Уимоу, иаҳхамышҭып даара хадара злоу атуристтә хырхарҭа атәгьы. Ҳара есымша уаанӡагьы уахь ԥсшьара ҳәа ҳцалон. Аха иахьа Аԥсны иарбоу аҭыԥқәа ирҟәыҭханы иҟалеит, умҳәозар. Уи аҭаара рҭахымкәа акәым, иаҟәыҭхоу ҭыԥны иҟалеит, - ҳәа иҳәеит Белоруссиа ахада Александр Лукашенко.

Аԥсны Ахада Белоруссиа дыҟазаауеит жәабран 22 рҟынӡа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: