Аминистр идныҳәалара

Аминистр идныҳәалара
15 March 2019 608
Ҳаҭыр зқәу Даур Вадим-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит шәымш ира.

Шәара напхгара ашәҭоит иналукааша аусбарҭа.  Шәнапхгарала шәнапаҵаҟа иҟоу аколлектив аӡәк иеиԥш аус еицыруеит.

Шәмаҵзуратә уалԥшьа анагӡара азыхиара, еиҳа иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан иаамҭаны аҭакҟаҵара, аҭакзыԥхықәу аӡбра адкылара шәара ишәҟазшьа ҷыдоуп. Уи иалнаршоит Аԥснеиԥш анҭыҵгьы шәыхьӡ-шәыԥша, шәыҳаҭыр ашьҭыхра.

Ҷыдала иазгәаҭатәуп аус аҟны адәныҟаполитикатә ҟазшьа змоу, иуадаҩу азҵаарақәа  ианаамҭо аҭак рыҭара шалшо аазырԥшуа  аминистрра аусура аҿыцхаҿра аҭараз иҟашәҵо аҽазышәарақәа.

Аҳаҭыр ду змоу напхгаҩык иҳасаб ала шәара ҳколлектив аизҳараҿ, аусзуҩцәа дара-дара рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылараҿ шәлагала дууп.

Агәра аагоит шәпрофессионализм ҳарак, аҳәаанырцәтәи ҳпартниорцәа рацәажәашьа адырра, ԥхьаҟа аԥшра, иара убасгьы Аԥсназы хра змоу акыршықәсатәи шәусура ԥхьаҟагьы хра рыманы ишыҟало.

Абри амш лаша аҽны, ҳаҭыр зқәу  Даур Вадим-иԥа,  ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара зҩыда, аԥсуа шықәсырацәа,  аманшәалара, шәусураҿы ақәҿиарақәа, шәыгәҭакқәа рынаӡара!

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: