Москва иаатыз ацәыргақәҵа «Mitt» Аԥсны алахәуп

Москва иаатыз ацәыргақәҵа «Mitt» Аԥсны алахәуп
12 March 2019 795
26 –тәи Москватәи жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа хәажәкыра 12 инаркны 14-нӡа имҩаԥысуеит ацәыргақәҵатә комплекс хада "Експоцентр" аҟны. Ацәыргақәҵаҿ иӡыргоу апавильон «Абхазия» иаҭааит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр Авҭандил Гарцкиеи.

«Аԥсны ахаҭарнакцәа ԥшьышықәса ҵуеит ари ацәыргақәҵа рхы аладырхәуеижьҭеи. Аԥсны иазку астенд азҿлымҳара бзиа амоуп, ажәлар ааиуеит. Иаҭаауа асасцәа иддырбоит афотосахьақәа, аҳәынҭқарра аӡбахә, аҭоурых атәы рарҳәоит. Еиуеиԥшым ахеилакқәа, асасааирҭақәа уҳәа активла рхы аладырхәуеит. Даара акрызҵазкуа аиқәшаҳаҭрақәа нап рыҵаҩуп» ҳәа иҳәоит Игор Ахба.

Асасцәа  арахь иадзыԥхьало иреиуоуп Лаша Марыхәба напхгара зиҭо ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль «Амцабз» инанагӡо акәашарақәа

Ацәыргақәҵа жәларбжьаратәи атуризм иазку Урыстәыла имҩаԥысуа иреиҳаӡоу ацәыргақәҵақәа иреиоуп, Европа, Америка уҳәа адунеи аҳәынҭқарра дуқәа  200 рхаҭарнакцәа рхы аладырхәуеит.  

MITT- адунеи аҟны аԥыжәара змоу хә-цәыргақәҵак рхыԥхьаӡараҟны иҟоу Урыстәыла атуристтә цәыргақәҵоуп. Есышықәса уи рхы аладырхәуеит 200 ҳәынҭқарра инареиҳаны.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: