Заур Ӷәаџьаа далахәын Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа ахьыԥшымра 198 шықәса ахыҵра аныҳәа

Заур Ӷәаџьаа далахәын Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа ахьыԥшымра 198 шықәса ахыҵра аныҳәа
14 August 2023 200

Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҿы иҟоу Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Родриго Мишель Хоффман инаԥхьарала далахәын Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа ахьыԥшымра 198 шықәса ахыҵра аныҳәа.

Ацеремониа мҩаԥысит Амилаҭтә Пантеон амонументалтә комплекс аҿы Боливариантәи Ареспублика Венесуела АдәАР ахада Иван Хиль Пинто ихантәаҩрала, Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҿы иҟоу Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Родриго Мишель Хоффман, Амилаҭтә алхратә хеилак ахантәаҩы Педро Кальсадилиа Перес, Венесуела аомбудсмен Альфредо Руиса Ангуло уҳәа атәыла аиҳабыра рхаҭарнакцәа алархәны. Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан Симон Боливар ибаҟа аҿаԥхьа.

Ауснагӡатә иалахәын атәыла аиҳабыра, аккредитациа зҭо адипломатиатә корпус рхаҭарнакцәа, АИХқәа рхаҭарнакцәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: