Лаҵарамзаз Аҟәа имҩаԥгахоит афорум Global Abkhazia

Лаҵарамзаз Аҟәа имҩаԥгахоит афорум Global Abkhazia
3 February 2023 217

2023 шықәса жәабран 3 азы  Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәса ахыҵра иазку, Аҟәа, лаҵара 17 азы имҩаԥгахо афорум Global Abkhazia аиҿкаара иазкны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аилацәажәара мҩаԥигеит.

Ауснагӡатә ахь иааԥхьоуп еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи асасцәа. Дара рылахәхоит абарҭ атемақәа ирызку асессиақәа: агеополитикеи адипломатиеи, ҳаамҭазтәи амедиа ринформациатә технологиақәа русхк аҟны жәларбжьаратәи аусеицура.

Афорум агеографиатә сессиақәа  Аԥсны – Мрагылара Ааигәа, Алатынтә Америка, Асоветшьҭахьтә тәылақәа уҳәа еиуеиԥшым арегионқәа русеицура иазкхоит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба инапынҵала иаԥҵоуп афорум аиҿкаараз аусутә гәыԥ.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: