Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа
28 December 2020 716

2021 шықәса рзы Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистра аԥырҩы дызҭам аибашьыгеи аԥшыхәратәи хархәагақәа раахәара шазыԥхьагәанаҭо атәы иҳәеит арратә усбарҭа ахада Гарибашвили. Иара убасгьы иҳәеит Қырҭтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә система арҿыцразы Израили дареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩу.

Аҽазныкгьы Қырҭтәыла анапхгара активла рҽазыршәоит арратә потенциал аизырҳара. Рхымҩаԥгашьагьы ҵаҵӷәыс иарҭоит арегион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи аҭаххара. Аха ари зыгәра угаша ҵаҵӷәым. Избанзар ахыхьчаразы мацара аԥырҩы дызҭам аибашьыгеи аԥшыхәратәи хархәагақәа раахәара уи ус шакәым агәра унаргоит.

Иара убасгьы ааигәатәи Ашьха Ҟарабахтәи ахҭысқәа, зыҟны асеиԥш иҟоу ахархәагақәа азербаиџьантәи аган ажәыларатә операциа амҩаԥгаразы ишрыхәаз атәы. Қырҭтәыла заахәара агәы иҭоу ахархәагақәа ракәзаргьы, иӡбам аимакқәа амчра ахархәарала рҭыԥ рықәҵара иазырхахар алшоит.

Ақырҭуа напхгара асеиԥштәи рхымҩаԥгашьа агәылацәа рганахьала ақәымчра амҩаԥгара иахықәкуп ҳәа ищаԥхьаӡоит, ҭынчымҩала аимак аҭышәныртәалараз иҟаҵоу адекларативтә шьаҿақәагьы рыгәра унаргом.
Агәрагара ҳамоуп Қырҭтәыла амилитаризациатә курс активла адгылара шанаҭо аофициалтә Вашингтон.

Аԥсуа ган иагәҭакуп ЕАА ахаҭарнакцәа иҟоу аҭагылазаашьа, арратә потенциал аҿиараз ақырҭуа напхгара рыгәҭакқәа рзы аилкаара ҟанаҵарц адҵара.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: