Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аконсултә департамент анапхгаҩы Лаша Аҩӡба аҩтәылауаҩра ахҳәаа аиҭеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аконсултә департамент анапхгаҩы Лаша Аҩӡба аҩтәылауаҩра ахҳәаа аиҭеит
29 June 2023 275

«Рашәарамза 29 рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилатәараҿы ҩбаны иҟоу атәылауаҩра иадҳәалоу азҵаара аӡбара азы цәыббрамза 27, 2022 шықәсазы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра аратификациа мҩаԥгахеит. Ари Аиқәшаҳаҭра усҟан рнапы аҵарҩит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови.

Ҩбаны иҟоу атәылауаҩра аинститут Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзы акырӡа аҵак ду шаҵоу хымԥада иазгәаҭатәуп. Аиашазы, уи аиҭанеиааира акыр иармариоит, асоциалтә гарантиақәеи ашәарҭадареи шьақәнаргылоит.

Аҩҳәынҭқаррак ртәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа асоциалтә еиқәыршәара, аҵарадырра, амедицинатә цхыраара аиуразы, иара убас урҭ Урыстәыла анҭыҵ, ааигәатәи еиԥш харатәи аҳәаанырцәтәи атәылақәа рахь ацара азы азинқәа рымоуп».

Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы арзаҳалқәа рыдкылара апроцедура алагара азы Аԥсны атәылауаа заанаҵы адырра рыҭахоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: