Асҭанда Патараиа ахҳәаа ҟалҵеит

Асҭанда Патараиа ахҳәаа ҟалҵеит
29 January 2024 47

Аԥсны АдәАР аҟны иҟоу адипломатцәа ҿарацәа Реидгыла ахантәаҩы Асҭанда Патараиа ахҳәаа ҟалҵеит: 

«Сынтәа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы аусура иалагоит МГИМО ашкол. 

ААУ аҟны асистематә шьаҭа аманы илекциақәа ирыԥхьалоит МГИМО апрофессорцәеи арҵаҩцәеи, еицырдыруа аҵарауаа, аполитологцәа. Дара жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рактуалтә аспектқәа, аглобалтә економика, ҳаамҭазтәи аимакқәа, атехнологиатәии аекономикатәии суверенитет рроль ирылацәажәалоит. 

Асеиԥш алыршахоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи МГИМО аректор Анатоли Торкунови реицәажәарала. 

Агәрагара сымоуп ари аҩыза аамҭа иақәшәо апроект анагӡара аҵак ҷыда аманы ишыҟало азы».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: