Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адҵа ҟанаҵеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адҵа ҟанаҵеит
29 February 2024 76

Аԥшьаша, жәабран 29 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу ПРООН (UNDP - азгә.) апрограмматә менеџьер Вардон Хоџьои дидикылеит.

Аиԥылараҟны ирылацәажәан ПРООН Аԥсны имҩаԥнаго аусура иазку азҵаарақәа.

Аминистр иазгәаҭеит аиҿкаара ПРООН аԥаразоужьра азыҟазҵо ЕАА жәларбжьаратәи аҿиараз амаҵзура (USAID) аофициалтә саит аҿы ишкьыԥхьыз аиҿкаара аусуратә хықәкқәа – «Аԥсны аоккупациахыхра», «уқәызхуа Кремль анырра аҿагылара» – рзы аинформациа:. Аминистр иҳәеит ари аҩыза адырра ПРООН ацәа шыԥнаҽуа, ЕАР Аԥҟаԥҵәа ахықәкқәа ишырҿагыло.

Аминистр Инал Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит ПРООН Аԥсны имҩаԥнаго апроектқәа ирзоурыжьуа аԥара ахышәаҵышәа 20 миллион доллар ишынаӡо, иазгәеиҭеит арҭ аԥарақәа ареспубликаҿы ауаажәларратә гәаанагара ашьақәҟьара зҽазызшәо аԥснытәи аинформациатә ресурсқәагьы ироуеит ҳәа.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хәажәкыра 7 асааҭ 18:00 рҟынӡа ПРООН аҟынтә иазыԥшуп:

- ПРООН аофициалтә саит аҿы аиҿкаара USAID аԥара ззоунажьуа апроектқәа рхықәкқәа акьыԥхьырц;

- ПРООН аофициалтә саит аҿы аԥара ззыршәо аԥснытәи аинформациатә ресурсқәа рсиа, рԥаразоужьра ахышәаҵышәа, рыпроектқәа рхықәкқәа акьыԥхьырц.

ПРООН аганахь ала арҭ адыррақәа аҿаԥҽымхар Аԥсны АдәАР уи аҭакс ииашаны ҳәа иаԥхьаӡо ауснагӡатәқәа аднакылоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: