Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Милана Ҵәыџьԥҳа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Милана Ҵәыџьԥҳа
28 January 2024 62

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Милана Ҵәыџьԥҳа ахҳәаа алҭеит Аахыҵ Кавказ ЕЕ ахаҭарнак ҷыдас иҟоу Таиво Клаар 2024 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны аҭаара шилымшо "аҭыԥқәа рҿы ипартниорцәа" уи ҟалашьа амам ҳәа ахьиарҳәаз аҟнытә ҳәа иҳәамҭа: 

« Тоиво Клаар игәаҳәара. 

Аахыҵ Кавказ ЕЕ ахаҭарнак ҷыдас иҟоу Таиво Клаар ааигәа иҟаиҵаз аҳәамҭа иаанарԥшит аколлективтә Мраҭашәара Аԥсны имҩаԥнаго аполитика шырцәеилаҳаз. 

«Зхаҵарада алахалара» аполитика аларҵәаразы европатәи афункционер иҳәеит «аиҟәшаратә цәаҳәа» иаҵанакуа аԥсуааи ақырҭцәеи рыбжьара адиалог аҵакы дуны ишамоу. Апатын Клаар иҳардыруеит иара «аиҟәшаратә цәаҳәа» ҳәа ззиҳәо шҳәынҭқарратә ҳәаау. 

Ҳара иҳагәҭакуп Жәларбжьаратәи Женеватәи аиԥыларақәа рофициалтә еиҿцәажәарҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны аус ҳауларц, ҳақәгәыӷуеит Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет апринципқәеи еиҟароу адиалоги инарықәыршәаны алҵшәақәа ҟалап ҳәа. 

Апатын Клаар ихаҭа ишиҳәо ала изныкымкәа Аԥсны даҭаахьеит, аха иара изеилымкааит ҳара ҳҭоурых, ҳхаҭара. Иажәақәа аҽазныкгьы агәра удыргоит аколлективтә Мраҭашәареи Евроеидгылеи рпозициа шԥаршеиу. 

Клаари иара аԥара иқәызхарџьуа аинформациатә структурақәеи ирдыруазар рыхәҭоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҟәа «Сухум» шахьӡу, «Сухуми» ҳәа акәымкәа. ари апровокациатә ҟазшьа змоу атопоним уаҳа ахархәара амамзарц адҵа ҟаҳҵоит. 

Аахыҵ Кавказ ЕЕ ахаҭарнак ҷыдас иҟоу Тоиво Клаар иара убасгьы иазгәеиҭеит ареспублика "Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаԥнаго аибашьра" ӡатәк аҳасаб ала иҟамлар шакәу, уи Аԥсны ауааԥсыра ринтересқәа ишрықәымшәо. Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуа ҳаҷкәынцәа урыстәылатәи рашьцәа ирывагыланы анеонацизм иаҿагылоуп, ари аиҿагылараҿы аиааира шыргоу азгьы агәрагара ҳамоуп. 

Клаар мраҭашәаратәи аструктурақәа рнырра аԥкра Аԥсны апроблемақәа арҵаулоит ҳәа ҳәо, иҽазишәоит хра змам Қырҭтәыла акзаара аполитика иақәдырӡуа аԥара ириашарц. Апатын Клаар еиликаауазар ахәҭоуп "Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара" аполитика алазырҵәо аструктурақәа аԥара шырзоурыжьуа иаартны ианиҳәо, Аԥсны аҵакыраҿ урҭ закәаншьаҭала аҭак шроуа. Европатәи, америкатәи, қырҭтәылатәи афункционерцәа ирдырроуп "аоккупациа зызуу аҵакыра" ҳәа ҳзыԥхьаӡо рзы ҳашәқәа шарку. 

Сгәанала апатын Клаар инапхгара дыкҿарцалеит «зхаҵарада алахалара» аполитика хра аманы аларҵәара ахьилымшаз азы. 

Изоурышьҭуаз аԥарақәа рыҵа ирыцқьарц азы апатын Клаар Аԥснытәи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа «аҭыԥ аҿы апартниорцәа-анагӡаҩцәа» ҳәа рызҳәаны ираргамеит. Аиаша уҳәозар дара аҳәаанырцәтәи агентцәа рнапынҵақәа нарыгӡоит ҳреспубликаҿы. 

Иҳәамҭа аҵыхәаҿы апатын Клаар иазгәеиҭеит «аҭыԥ аҿы апартниорцәа-анагӡаҩцәа» русура игәы шынанамыгӡо, ирзыҟарҵо аԥаразоужьра еиҳа еилыхха иҟазарц шахәҭоу. 

Хара имгакәа апатын Клаар еиҳагьы игәы каҳар ҟалоит. Иалшоит Аԥсны амилаҭтә интересқәа реилагаразы аҽазышәара инадҳәаланы уаҵәы Аԥсны АдәА рминистр Инал Арӡынба аофициалтә хҳәаа ҟаиҵар».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: