Иракли Ҭыжәба Саакашьвили иажәақәа ахҳәаа риҭеит

Иракли Ҭыжәба Саакашьвили иажәақәа ахҳәаа риҭеит
3 December 2021 503

Қырҭтәыла уаанӡатәи ахада М. Саакашьвили аӡбарҭатә процесс аан иажәақәа азхьаԥшра рысҭоит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аокеан ҭынч арегион иатәу тәылақәак иахьазхарҵаз азҵаара далацәажәо Саакашьвили ари цәгьоуроуп, аҳәаанырцә атәылақәак рнапхгаҩцәа аҵарҭыша рыҭароуп иалзыршаз ҳәа иҳәеит. Убри аан иара дызлацәажәоз Аокеаниа атәылақәа – Науру, Тувалу, Вануату роуп.

Қырҭтәыла уаанӡатәи ахада М. Саакашьвили ишьақәирӷәӷәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра иамоу афактқәа – Қырҭтәыла ахаҭа, ҷыдала М. Саакашьвили аҳәаанырцә ҳәынҭқаррақәа рмаҵзурауаа аҵарҭыша шрырҭоз.

Иазгәаҭатәуп Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет арҭ атәылақәа рганахь ала азхаҵара Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа акыршықәсатәи аусура ишалҵшәоу.

Жәларбжьаратәи азхаҵара Аԥсны адәныҟатә политиказ аԥыжәара змоу хырхарҭоуп. Аха аԥсуа дипломатцәа уи аус аҿы ахархәара зырҭо ацивилизациатә формақәа роуп. Ԥхьаҟагьы ари аганахь ала аусурақәа мҩаԥаагалоит еицазхарҵахьо жәларбжьаратәи анормақәа инарықәыршәаны.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: