Оҭырба: Мраҭашәара Аԥсны амчрақәа раҳаҭыр аларҟәра аҽазнашәоит

Оҭырба: Мраҭашәара Аԥсны амчрақәа раҳаҭыр аларҟәра аҽазнашәоит
29 January 2024 143

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рымадаразы адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Саид Оҭырба ихҳәаа: 

Аахыҵ Кавказ ЕЕ ахаҭарнак ҷыдас иҟоу Тоиво Клаар иацы иҟаиҵаз аҳәамҭа уазхьамԥшуа иҟам. Иара иаартны иҳәеит «зхаҵарада алахалара» аполитика аҳәаақәа ирҭагӡаны Евроеидгыла аҭыԥқәа рҿы иҟоу апартниорцәа – ЕАР амаҵзурақәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа агуманитартә проектқәа жәпакы аԥара шырзоурыжьуа. 

Евроеидгыла Аԥсны "зхаҵарада алахалара" аполитика анагӡараз ирыцхраауа аиурист хаҿқәа ҳәа зыӡбахә имоу рганахьала азҵаара цәырҵуеит – иарбан иурист хаҿқәоу ҳәа? Ари азҵаара аофициалтә дипломатиатә каналқәа рыла иҟарҵахьеит. Аҭак ҳазыԥшуп. 

Иҩызаны ишьам атәылақәеи аиҿкаарақәеи рнырра, урҭ атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рхы анрыларгало амилаҭтә шәарҭадара иаҿагылоит. Атәылақәа жәпакы рҿы арҭ рҩызцәа ахаҿқәа аҳәаанырцәтәи агентцәа рреестр иаҵадыркуеит. 

Уи адагьы Аԥсны аофициалтә ҳәынҭқарра аиԥш иазхамҵо аколлективтә Мраҭашәара ҳтәыла амчрақәа рцәа ԥырҽырц рҽазыршәоит. Ари традициак иаҳасабхеит. Аҵыхәтәантәи аамаҭқәа рзы иумбарц залшом абри аганахь ала акыр аҽазышәарақәа активла ишымҩаԥырго, аха урҭ шылҵшәадо. 

Асоциалтә ҳақәа, амессенџьерқәа рҿы иаԥҵоуп "абот-ҳа". Иара алахәылацәа агәаӷ злыжжуа ахҳәаақәа ҟарҵоит, акгьы злам акалырхырц рҽазыршәоит. Ааигәа Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба ишиҳәаз ала, асеиԥш аус зуа аҩнуҵҟатәи аӷацәа роуп. 

USAID, UNDP, Қырҭтәыла еиҳабыратәым аиҿкаарақәа, атәылауаҩ Буавагьы абрахь дналаҵаны аҭыԥантәи апровокаторцәа аус шрыцыруа умбо иҟам. 

Хыхь иҳәо азгәаҭо абри аусхк аҟны азинтәеизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара акыр иҵарны иқәгылоуп ҳәа азгәаҳҭоит».

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: