«Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы» Акт рыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 12 рзы

 «Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы» Акт рыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 12 рзы
12 October 2019 1224

«Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы» Акт Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҿы ирыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 12 рзы.

Абри аҵак дуӡӡа змоу адокумент рыдкылан 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы имҩаԥысыз амилаҭтә референдум аихшьаалақәа рыла. Ахьыԥшымразы Акт ихнаркәшеит Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверентә статус азиншьаҭа аиура.
Ареферендум аҟны 97% алахәылацәа 1994 шықәса абҵара 26 азы ирыдыркылаз Аԥсны Аконституциа апроект адгылара арҭеит.

Акт ианыԥшит ареспубликаҿ арҭ аамҭақәа рзы иҟалаз аԥсахрақәа.

Акт Аԥсны аҿиараҿ иналукааша закәанԥҵаратә етапны иҟалеит. Абри адокумент аҿы ахы акит ареспублика аҿиара аетап ҿыц. Аԥсуа жәлар шықәсырацәалатәи ахьыԥшымраз рықәԥара шьаҭаны Акт апринципқәа ироуит, Аԥсны ашьагәыҭжәлар ринтересқәа ирықәшәо иҟалеит.

Жәларбжьаратәи аҭахкаара аамҭа уадаҩқәа ирҭысны Аԥсны иалнаршеит адәныҟаполитикатә усқәа рҟны аԥыжәара аиура. Иара уи кульминациатә хҭысны иаиуит 2008 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа аганахь ала Аԥсны азхаҵара.Уи аахыс Аԥсны аҿиара амҩа иануп, иҟоуп ирацәаны агәахәара узҭаша аиҭакрақәа, аусеицуреи аполитикатә диалоги шьаҭаны измоу аҳәаанырцә атәылақәеи иареи реинырра еиҳа-еиҳа иҭбаахоит.

2008 шықәса рзы Урыстәыла азхаҵара иаԥнаҵеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз алшарақәа. Урыстәыла ашьҭахь Аԥсны ахьыԥшымреи асуверинитети азхарҵеит адунеи атәылақәа егьырҭгьы.

2014 шықәса абҵара 24 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путини рнапы зҵарҩыз аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра Аԥсназы еиҿнакааит ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә курс Акт иану аԥҟарақәеи адунеижәларбжьаратә зин апринципқәеи ирықәныҟәоит, иаанарԥшуеит адунеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәа аус рыцура ишазыхио.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: