Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аҭараз инашьҭыз ашәҟәы ООН ирыдыркылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аҭараз инашьҭыз ашәҟәы ООН ирыдыркылеит
1 March 2022 537

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш ихьӡала Аԥсны ООН аҿы аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аиуразы инашьҭымҭа Ниу-Иорк.

Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа ԥхьаҟагьы жәларбжьаратәи аҭахкаара аԥыхра аҽазнашәалоит. Қырҭтәыла аганахь алеи иара адгылаҩ-тәылақәа рганахь алеи иҟоу аобиективтә уадаҩрақәа ҳара Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа рыхьчара еиҳагьы ихымԥадатәины ҳашрыхәаԥшуа аадырԥшуеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҳтәылеи адунеи егьырҭ атәылақәеи реимадарақәеи реинырреи ирзырхоу Аԥсны ахада идәныҟаполитикатә курс анагӡара иацнаҵалоит ԥхьаҟагьы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: