Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаԥҵоуп аконсултә ҟәша

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаԥҵоуп аконсултә ҟәша
23 January 2024 175

Шьамтәыла инхо ҳџьынџьуаа ацхыраара рыҭаразы, ахәаахәҭра-економикатә, акультуратә, агуманитартә еимадарақәа рырҿиаразы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаԥҵоуп аконсултә ҟәша.

Аусбарҭа напхгара аиҭоит ҳџьынџьуаҩ Геис Аль-Харки.

Аконсултә ҟәша азинмчрақәа ирыҵанакуеит агәраргагақәа риашара ашьақәырӷәӷәара:

-Шьамтәыла ахархәаразы Аԥсны ирыҭо адокументқәа риашара ашьақәырӷәӷәара;

-Аԥсны ахархәаразы Шьамтәыла ирыҭо адокументқәа риашара ашьақәырӷәӷәара;

-Шьамтәыла инхо Аԥсны атәылауааи егьырҭ Мрагылара ааигәа атәылақәа рҿы инхо аԥснытәи ауаԥшьқәа рхаҭарнакцәеи рхаҭара шьақәзырӷәӷәо адокументқәа риашара ашьақәырӷәӷәара.

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ианыруа иазыԥхьагәанаҭоит егьырҭ аконсултә маҵзурақәагьы рымҩаԥгара Шьамтәылеи Мрагылара ааигәа атәылақәеи рҿы инхо Аԥсны атәылауаа ацхыраареи адгылареи рыҭаразы.

Ари аԥшьгамҭа атәы иалацәажәан Аԥсны АдәА рминистр Инал Арӡынба Дамаск, 2023 шықәса ԥхынҷкәынмзазы ҳџьынџьуаа данырԥылоз.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: