Инал Арӡынба Дамаск анхарҭа ҩны иахьеихсыз дақәыӡбеит

Инал Арӡынба Дамаск анхарҭа ҩны иахьеихсыз дақәыӡбеит
20 January 2024 99

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба 2024 шықәса ажьырныҳәа 20 рзы Шьамтәыла аҳҭнықалақь Дамаск анхарҭа ҩны иахьеихсыз дақәыӡбо аҳәамҭа ҟаиҵеит.

"Дамаск анхарҭа ҩны иаехсит ракетала. Ари аҭыԥ Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа иазааигәоуп.

Хеигӡара ҟамҵаӡакәа зус назыгӡо ҳдипломатцәа ашәарҭара иҭагылеит. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа аҵак ду змоу агуманитартәи жәларбжьаратәи азинқәеи реиԥҟьара ашҟа икылнагоит, еиҵанарҟьоит жәларбжьаратәи ашәарҭадареи аизыҟазаашьақәеи рышьаҭа. Уаҳа акы узахымҳәаауа ҳақәыӡбоит.

Шьамтәыла иҭынчраны, иҭышәантәаланы аҟазаара жәларбжьаратәи аренаҟны иҟоу, еиҳарак Мраҭашәаратәи атәылақәа – ирҭахым.

Агәыӷра аасырԥшуеит иаарлысны аҭынчра шышьақәгыло азы, иҭахаз рыуацәа срыдышшылоит».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: