Инал Арӡынбеи Абдалла Али Сабрии онлаин-еиԥылара рыман

Инал Арӡынбеи Абдалла Али Сабрии онлаин-еиԥылара рыман
9 February 2023 195

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла иҟоу азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Иемен ацҳаражәҳәаҩ Абдалла Али Сабрии онлаин-еиԥылара рыман.

Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспублика адәныҟатәи аполитикаҿ аҵак ду шамоу Мрагылара Ааигәа атәылақәа рзааигәахара ахырхарҭа.

"Мрагылара Ааигәа атәылақәеи ажәларқәеи аҭоурых ду рымоуп, аекономикатә лшарақәа рымоуп. Убри инадҳәаланы акраҵанакуаны иаҳшьоит ҩ-ганктәи ганрацәалатәи аиныррақәа рышьақәыргылара. Уи адагьы ҳара жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟны ахырхарҭарацәатә система ҳадгылаҩцәоуп", - иҳәеит Арӡынба.

Иемен ацҳаражәҳәаҩ иҳәеит ахәаахәҭра-економикатә усхк аҟны аизыҟазаашьақәа рырҿиара ринтерес шимоу.

Аиԥылараан Аганқәа еиқәышаҳаҭхеит рдиалог ԥхьаҟагьы ацҵара аҭахны ишыҟоу.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: