Инал Арӡынба онлаин-еиԥылара мҩаԥигеит

Инал Арӡынба онлаин-еиԥылара мҩаԥигеит
2 February 2024 44

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи W20 аҟны Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнак, БРИКС аексперттә напхгаҩы Викториа Пановеи жәабран 2, 2024 шықәсазы онлаин-еиԥылара мҩаԥыргеит. Аиԥылара далахәын Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы ахада Ҭарашь Ҳагба.

Аиԥылараан ирылацәажәан Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа БРИКС аҿы Урыстәыла ахантәаҩра аҳәаақәа ирҭагӡаны аусурақәа рҿы еиуеиԥшым аформатқәа рыла рылахәра азҵаара.

БРИКС аҟны Урыстәыла хантәаҩра ауеит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа. Иааидкыланы иазыԥхьагәаҭоуп 200 рҟынӡа уснагӡатә Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы. Аҳәынҭқаррақәа рхадацәа рсаммит мҩаԥгахоит Казань.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иазгәеиҭеит: «БРИКС еиҳа ииашоу жәларбжьаратәи асистема, афинанс-економикатә архитектура реиҿкаара иашьҭоуп. Аидгыла аусураҿы аҵакы аманы иҟоуп амилаҭтә валиутақәа рыла аԥарашәарахь аиасра» ҳәа.

Арӡынба иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аинтерес шаанарԥшуа БРИКС аҿы Урыстәыла ахантәаҩра аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахараны иҟоу аусурақәа рҿы еиуеиԥшым аформатқәа рыла рылахәра азҵаара.

Хаҭалатәи аформатқәа:

- Аусутә еилазаарақәа реиԥылара

- Аграждантә форум

- Академиатә форум

- Аҿари адипломатцәа ҿарацәеи рфорум

- БРИКС аспорттә хәмаррақәа.

Урыстәылатәи аколлегацәа ирҳәеит ари аус адгылара ишазыхио.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: