Инал Арӡынбеи аекономика Иреиҳаӡоу ашкол астудентцәеи еиԥылеит

Инал Арӡынбеи  аекономика Иреиҳаӡоу ашкол астудентцәеи еиԥылеит
14 February 2024 88

2024 шықәса жәабран 14 рзы НИУ ВШЕ аректор Никита Анисимов иҟаиҵаз анаԥхьарала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дырԥылеит аекономика Иреиҳаӡоу ашкол астудентцәа, астуденттә ԥхьагылаҩцәа рыплатформа «ГосВышка» алахәылацәа.

Аплатформа иахықәкы хаданы иҟоуп урҭ ԥхьаҟа аҳәынҭқарратә сектор аҿы ркариераз алшарақәа рыҭара, адгылара рзура.

Аплатформа «ГосВышка» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысхьеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ, Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Пескови, Урыстәыла ахада ицхырааҩ Максим Орешкини рԥылара.

Аминистр иара убасгьы НИУ ВШЕ аректор Никита Анисимов диԥылеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: