Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аиԥылара мҩаԥысит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аиԥылара мҩаԥысит
17 January 2023 169

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны аҵакыраҿы зусура мҩаԥызго Жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи аиԥылара мҩаԥыргеит.

Жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа 2022 шықәсазтәи русуразы аҳасабырбақәа ҟарҵеит, ԥхьаҟатәи рыпланқәа ирылацәажәеит.

Уи адагьы ирзааҭгылан ҩ-ганктәи аинырра еиуеиԥшым акцентқәа.

Аиԥылараан иалыршан аиҿкаарақәа рыпроектқәа рхырхарҭа хадақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа, русура аан агуманитартә ҟазшьа мацара ақәныҟәара.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: