Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аҿы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩ ҿыц Левент Аҭрышбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмч змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡбеи онлаин реицәажәара.
Инал Арӡынба Левент Аҭрышба идиныҳәалеит инапынҵа ҿыц, изеиӷьеишьеит иусураҟны ақәҿиарақәа.
Левент Аҭрышба ҭабуп ҳәа ахиҳәааит адныҳәалара, дрылацәажәеит Афедерациа ԥхьаҟатәи апланқәа.
Аиԥылараан аминистр Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра аусура далацәажәеит.
Иара убасгьы иазааҭгылан Ҭырқәтәыла Афорум Global Abkhazia амҩаԥгара.