Инал Арӡынба астол гьыжь "Урыстәылеи Аԥсни: ашәарҭадареи аҿиареи" аҟны

Инал Арӡынба астол гьыжь "Урыстәылеи Аԥсни: ашәарҭадареи аҿиареи" аҟны
26 February 2024 120

2024 шықәса жәабран 22 рзы Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр Урыстәыла ахада иалхра аламҭалаз имҩаԥнагоит астол гьыжь "Урыстәылеи Аԥсни: ашәарҭадареи аҿиареи". Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны АдәА рминистр Инал Арӡынба, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.

"Аԥснытәи аекспертцәа ибзианы еилыркаауеит аекономикеи ашәарҭадареи русхк аҟны атәыла асуверинитет арӷәӷәаразы ахархәагақәа рыԥшаара иамоу аҵак ду» ҳәа иҳәеит аусмҩаԥгатә аҟны Инал Арӡынба.

Иара иҳәеит Аидгыла ҳәынҭқарра алахәылацәа реиҟарара алзыршо, аекономикеи ашәарҭадареи шьаҭаны измоу еиҿкаараны ишыҟоу.

"Урыстәыла аҩызареи асеиԥш иҟоу аинтеграциатә еиҿкаарақәа рылахәхаразы астратегиатә курси – ацивилизациатә ҟазшьа змоу ҭахроуп. Уи ус шакәу аныԥшуеит 2014 шықәсазы Урыстәылеи Аԥсни рнапы зҵарҩыз аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра. Ҳәарада, арҭ рҩызцәа азҵаара хадақәа рыӡбра аконсультациақәеи, аилацәажәарақәеи, агәаанагареимдарақәеи шьаҭаны ироуеит» ҳәа иҳәеит Арӡынба.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: