Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны иҟоу МККК амиссиа ахаҭарнакцәа рыдыркылеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны иҟоу МККК амиссиа ахаҭарнакцәа рыдыркылеит
6 May 2021 661

Лаҵара 5 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аминистр Даур ақаҩба идикылеит Аԥсны иҟоу МККК амиссиа ахада Маттиас Ваинраихи иара Аԥсны дзыԥсахраны иҟоу амиссиа иахадахо Натан Раиеси.

Даур Ақаҩба Маттиас Вайинраих ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны имҩаԥигоз иусуразы, Натан Раиес иусура ҿыц аҿы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр иазгәеиҭеит Аԥсны аҵакыраҿы МККК амиссиа имҩаԥнаго аусура аҵак ду аманы ишазиԥхьаӡо, агәыӷра ааирԥшит лыҵшәабзиала ԥхьаҟагьы аицусура мҩаԥыслап ҳәа.

 МККК амиссиа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аус ауеит 1992 шықәса раахыс, имҩаԥнагоит агуманитартә программақәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: