ООН аҿиара Апрограмма (UNDP) ахаҭарнакцәа рԥылара

ООН аҿиара Апрограмма (UNDP) ахаҭарнакцәа рԥылара
1 September 2021 507

Цәыббра 1 азы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу ПРООН ахаҭарнак Анна Чернышовеи, ООН аҿиара Апрограмма (UNDP) апроектқәа рзы аменеджер Федерико Диспензеи, ПРООН апроектқәа ррегионалтә координатор Бенедикт Хошеки реиԥылара.

Анна Чернышова онлаин формат ала аиԥылара далахәын.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан ООН аҿиара Апрограмма (UNDP) апроектқәа жәпакы.

Аминистр иазгәеиҭеит ООН амаҵзурақәеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи русуратә еинырра аҵак ду шамоу.

Иара убасгьы азеиԥш интерес зызрымаз егьырҭ азҵаарақәагьы ирылацәажәан.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: