Апровинциа Сакариа иаартхоит акультуратә центр ҿыц «Адаԥазары»

Апровинциа  Сакариа иаартхоит акультуратә центр ҿыц «Адаԥазары»
30 June 2023 290

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба апровинциа Сакариа даҭааит, ибеит хара имгакәа аусура иалагараны иҟоу Аԥсуа культуртә центр ҿыц "Адаԥазары", дрыҿцәажәеит уа инхо ҳџьынџьуаа, ирзеиӷьеишьеит ԥхьаҟатәи ақәҿиарақәа.

"Ҳара агәахәара ду ҳнаҭоит акультуратә центр ҿыц ахьаатуа, ҳазыԥшуп ҳусеицура аҿиара аиуп ҳәа. Раԥхьа иргыланы ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьақәеи аиныррақәеи ҿиалап ҳәа» - иҳәеит Арӡынба.

Аԥсуа культуратә центр ҿыц анапхгаҩы Орал Бганба (Кобаш) иазгәеиҭеит акультуратә центр Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәҩахыеибыҭарыла аус ацура ишазыхио.

Инал Арӡынба дырҭааит аԥсуа-адыга диаспора рҽеидкыланы иахьынхо ақыҭақәа: Тагурак, Ихсание, Каиалар.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: